Аҟәа автомаҵзурақәа руак аҿы амцакра ҟалеит

Амца арцәаразы аҭыԥ ахь инашьҭын Аҟәа амцарцәара-аиқәырхаратә ҟәша арасчотқәа хԥа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik. Аҟәа, Гәымысҭатәи амҩаҿы абылра ҟалеит иаха ҳәа адырра ҟанаҵеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Амцакра иахҟьаны иблит автобоксқәа хԥа, 150 метр ԥшьыркца зышәагаа ыҟоу, иара убас автомашьынақәа Mercedes W140, Honda Fit.
Амца арцәаразы уахь инашьҭын Аҟәа амцарцәара арасчотқәа хԥа, аиқәырхаратә ҟәша.