Аҳауатә цәаҳәа "Ԥсоу" аҟны аремонттә усурақәа мҩаԥысуеит

Аҳауатә цәаҳәа "Ԥсоу" аремонт азура, аенергетикцәа ражәақәа рыла, мызкы, мызки бжаки иадхалоит аҭыԥ акыр иуадаҩуп аҟынтә.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik. Авольтҳарак ҳауатә цәаҳәа "Ԥсоу" аҿы еиҭашьақәдыргылахьеит икаҳаз ашьаҟақәа хәба рҟынтәи хԥа, аԥшьбатәии ахәбатәии ашьаҟақәа рмонтаж иаҿуп ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч"  апресс-маҵзура.
Кристина Озган "Аҽгәара" аремонт аамҭа изахыгоу лҳәеит
Нанҳәа 20 рзы атәыла Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аилацәажәара мҩаԥигеит Аминистрра реилазаара алахәылацәеи анаплакы анапхгаҩцәеи алархәны.
Ԥхынгәы 29 рзы ааха роуит амагистралтә ҳауатә цәаҳәақәа "Ԥсоу". Аенергетикцәа ишырҳәо ала, дара рыда Урыстәылантәи Аԥсныҟа алашара аашьҭра залыршахом.
Аилацәажәараҿы иазгәаҭан астратегиатә цәаҳәа "Аҽгәара" аремонт азура ишзаламго ацәаҳәа "Ԥсоу" аремонт азухаанӡа.
Убри аамҭазы арҭ ацәаҳәақәа рремонт аҟаҵара иазоужьын 84 миллион мааҭ.