АҞӘА, цәыббра 16 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 382-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 72-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 28-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 11-ҩык, ибжьаратәуп - 13-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 28-ҩык, урҭ рахьтә жәаҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 16-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 16-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - жәаҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 67-ҩык апациентцәа, жәҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.