Гагра араион амилициа аусзуҩцәа рганахьала ашьаус хацыркуп

Гагра араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рмаҵзуратә зинмчра инахырҳәҳәаны рхы иадырхәеит ҳәа ахара рыдырҵоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik. Гагра араион апрокуратура ашьаус хацнаркит Гагра араион ААР амазаратә цәгьоурақәа рыԥшаараз аҟәша аиҳабы, амилициа акапитан Багаҭелиа Х.В., Гагра араион ААР аоперативтә зинмчра змоу, амилициа алеитенант еиҵбы Аншба Т.Р., Гагра араион ААР ацуҭа милициа, амилициа алеитенант еиҵбы Џьалаӷониа Д.И. иара убасгьы зхаҭара шьақәыргылам Гагра араион ААР аусзуҩцәақәак рганахьала. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Урыстәыла атәылауаҩ Аԥсны Апрокуратура хадахь дашшит амилициа аусзуҩцәа дрыпҟеит ҳәа
Гагра араион ААР аусзуҩцәа рмаҵзуратә зинмчра инахырҳәҳәаны рхы иадырхәеит абџьари ахархәага ҷыдақәеи рыла ҳәа ахара рыдырҵоит.
Мшаԥы 7 рзы Багаҭелиеи аопергәыԥ алахәылацәа Аншбеи Џьалаӷониеи Мамзышьха иахьаҵанакуа аҭыԥқәа рҿы  ахылаԥшра мҩаԥыргон азинеилагарақәеи ацәгьоурақәеи раԥырҟәҟәааразы, хаҭала изакәанымкәа анаркотикқәеи аԥсихотроптә хархәагақәеи реикәыршара алмыршаразы. Абри амаҵзуратә гәаҭараан Санкт-Петербургтәи аԥсшьаҩы Артиом Русских даанкыланы Гагра араионтә ААР аҷаԥшьаратә хәҭахьы днаган ихаҭара ашьақәыргыларазы, иара атуристтә ԥсшьарҭақәеи амаршрутқәеи рынҭыҵ иҟазаара иахырҟьаны.
Асааҭ 18:20 рзы Гагра араион ААР  амаҵзуратә уадақәа руак ахь днаганы Багаҭелии ашаҳаҭцәа аламырхәӡакәа, азакәан еилаганы Русских деимидеит. Аоперативтә зинмчра змоу Аншба Русских аамҭалатәи аанкыларҭаҿы дҭеикит. Асааҭ 23:00 рзы доурыжьит.
Аха иара убри амш азы Русскихи иԥшәмаԥҳәыс Дариа Морозовеи уи лҩыза Полина Салминеи еиҭаанкылан. Дара амилициа аҟәшахьы инаганы, иарбанызаалак шәҟәык иамырбаӡакәа  рҿахәы рҿырхит, еимырдеит. Русских далархәны еимдан асасааирҭатә  номер  "Black-Sea" аҿы.
Аԥсны ААР иҿаԥнаҽуеит амилициа аусзуҩцәа атурист ддыргәаҟуан ҳәа игәараҵоу аинформациа
Анаҩс Гагра араион аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ауадақәа руак аҿы  Багаҭелиа, Аншба, Џьалаӷониа, аусбарҭа идырым аусзуҩцәа  ддыргәаҟуан, ихақәиҭра дшалхәыдартәуаз иаҳәо бџьарла ддыршәон.
Анаҩс Русских Гагра араион иахьаҵанакуа уаҩ дахьыҟамыз ҭыԥк ахь днаганы дрыпҟеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр идҵала Гагра араион ААР аусзуҩцәа Багаҭелиа, Џьалаӷониа рмаҵзуратә напынҵақәа рынагӡараҟынтә рхы иақәиҭтәуп.