АҞӘА, цәыббар 16 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа, Афырхацәа рымҩала ашьаҟауаа рныҟәарҭаҿы ахаҳәҟьаԥс аныҳәақәа рҟынӡа ирыԥсахраны иҟоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион архитектор хада Адгәыр Ҭарба.
"Гәдоуҭа, Афырхацәа рымҩаҿы ашьаҟауаа рныҟәарҭаҿы ахаҳәҟьаԥс рыԥсахраны иҟоуп Ленин ихьӡ зху апарк иакәыршани Ҳаразиа имҩаҿи. Аусутә нагӡатәхоит 1300 метра ԥшьыркца иахьрыҵаркуа. Аусурақәа мҩаԥысуеит араионтә биуџьет аԥарақәа рыла. Иазоужьуп 3,5 миллион мааҭ", - иҳәеит иара.
Ҭарба иажәақәа рыла, аремонт ҟанаҵоит АУН "Гәдоуҭатәи аремонт-ргыларатә еиҿкаара". Аусурақәа ашәахьа ирылагеит ихыркәшахароуп Аиааира амш аҟынӡа.
Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы цәыббра 9 азы ихдыркәшеит Ахьӡ-аԥша апарк иакәыршаны ахаҳәҟьаԥс аԥсахра. Зынӡа ихҟьан 1500 метра ԥшьыркца.