Москватәи ахш-хырҵә аалыҵқәа еиҳаны иахьуҭиша ахырхарҭақәа ирылашәеит Аԥсны

Москватәи аилахәырақәа аҳәаанырцәҟа ирҭиуа аалыҵқәа рыбжьара аԥхьагылара рымоуп ашәқәа, ахш, ахҷаҭ, ахаҷа, ахарҵәы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik. Аекспертцәа Москвантәи ахшаалыҵ аекспорт азы Аԥсны хра змоу хырхарҭоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, абас азгәанаҭоит РИА Новости.
Асеиԥш иҟоу ахырхарҭақәа ҳәа ишьоуп иара убасгьы Ермантәыла, Узбекистан,  Белоруссиа.
Убри аан иазгәаҭоуп арҭ аилахәырақәеи атәылақәеи русеицура шаруадаҩуа аалыҵ амҩангаразы иҟоу аԥҟарақәа. Ахшаалыҵ лассы иԥхасҭахо тауарны иахьшьоу азы ахара агара ҷыдала иазнеитәуп.
Москва ахада исаит аҿы иҳәоуп 2021 шықәса аԥхьатәи азыбжазы Москватәи ахшаалыҵ аекспорт ииасыз ашықәс иаҿырԥшны 55% иацлеит, уи 19,07 миллион доллар рыхә артәеит ҳәа. Абри аекспорт аҿы Москва ахәҭа 8% (2019 год) рҟынтәи 12,6% (2021) рахь ихалеит.
Абри аус аҿы аԥыжәара рымоуп:
2021 шықәсазы Москватәи ахшаалыҵ аархәеит 25 тәыла, Казахстан, Беларусь, Киргизиа, Азербаиџьан реиԥш иҟақәоу налаҵаны.