"Гәдоуҭа араион иахьаҵанакуа 29 школ ҳамоуп. Иахьа иҟоуп школқәак рҟны аклассқәа ахьарку аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны. Ахәыҷы аӡәы ачымазара ҿкы анихьлак, акласс аҟны итәоу аҵаҩцәа жәамш ма ҩы-мчыбжьа иоуҳажьуеит ахыԥхьакразы. Ахәыҷқәа аҩны иахьынӡаҟоу акласс анапхгаҩи аҭаацәеи еимадоуп, урҭ рҭагылазаашьа шыҟоу адырра ҳамоуп… Уажәы иаҳа уадаҩрас иҟоу ари ачымазара ҿки егьырҭ ачымазарақәеи ахьеиқәшәаз ауп, амгәахь, ахәдахьаа уҳәа. Ҳара ҳганахьала аҭаацәа ирыдаагалоит излауала а-ПЦР-тестқәа арҭарц. Уи алҵшәақәа анеилаҳкаалак, аӡбамҭа ҳадаҳкылоит ахәыҷқәа рганахьала", - иҳәеит Ҳаразиа.
Иара еиҭеиҳәеит Лыхны ақыҭа Аџьамҽыӷра аҳаблаҟны ашкол шарку ашәахьанӡа, арҵаҩцәа фҩыки ахәыҷқәа хҩыки ахьычмазаҩхаз иахҟьаны.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.