Пицунда амҩадуқәа руак ашьаҟамҩа ахәҭак аҟаҵара иалагеит

Пицунда, Агрба имҩаҿы ашьаҟауаа рымҩа ахаҳәҟьаԥс ақәҵара иазоужьуп 1,7 миллион мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 17 – Sputnik, Бадри Есиава. Пицунда амҩадуқәа руак ашьаҟамҩа ахәҭак аҟҵара иалагеит, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Пицунда ахада Руслан Хәынҵариа.
"Уажәы уаанӡа иқәыз ақәҵа ақәхра иаҿуп. Анаҩс ахаҳәҟьаԥс ҿыц ақәҵара ҳалагоит. Аусурақәа мҩаԥысуеит АУН "Курорт-Пицунда" афинанстә цхыраарала. Аматериал миллионки 700 нызқь мааҭ рыхә аахәан", – иҳәеит иара.
Хәынҵариа иажәақәа рыла амҩа аура 750 метра иҟоуп. Ақалақь алаларҭаҟынтәи аџьармыкьахь инеиуеит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ианрылго аамҭа макьана еилкаам.