Арадио

Зус иазҟазоу: асахьаҭыхҩы Адлеиба апандемиа ирҿиара ишаныԥшуа азы

Аонлаин-цәыргақәҵа "Аиҟәгара-аҟазара" алахәыла Амиран Адлеиба аԥкрақәа иҟазара ишаныԥшуа атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Sputnik
"Аиҟәгара – аҟазара" ахьӡуп аинформациатә агентра Sputnik, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи, Асахьаҭыхратә цәыргақәҵатә зал хадеи еицеиҿыркааз онлаин-цәыргақәҵа. Уи шәахәаԥшыр шәылшоит Sputnik асаит аҿы.
"Агәырҩақәа ҳзаанагеит (апандемиа аамҭазы- азгәаҭа), исзааигәаз ауаа, ҳҩызцәа, ауаажәлар рҟны алԥсаа рацәа ҟалеит… Убасгьы ҟазак иаҳасабала, ҳәарада, ари аамҭа аԥышәа ҳнаҭеит, ҳаиднакылеит, ҳархәыцит, ҳаҽҳарӷәӷәеит, ҳхы ақәҳаршәеит, ҳаҿагылеит, ҳашьақәгылара ԥымкрада арҿиаҩцәа раҳасабала апроцесс аҽарӷәӷәеит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Адлеиба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.