Мчыбжьык ала "Спутник Лайт" 129-ҩык иҟарҵеит

"Спутник Лайт" ала алаҵаҟаҵара хацыркын нанҳәа 10 рзы. Актәи амзазы алаҵа иаагаз абжа Аԥсны ауааԥсыра ирыларҵахьан.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Акоронавирус аҟынтәи алаҵа "Спутник Лайт" цәыббра 17 азтәи адыррақәа рыла иҟарҵахьеит 2697-ҩык ҳәа рҳәоит Агәабзиарахьчара аминистрраҿы.
Цәыббра 10 рзы 2568-ҩык иҟарҵахьан. Аҵыхәтәантәи амчыбжь аҩнуҵҟа 129-ҩык иҟарҵеит. Алаҵаҟаҵара иццакны иахьымҩаԥымсуа иахашшауан аԥыза-министр Александр Анқәаби Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи.
Агәабзиара ашәарҭара иҭаргылатәым: аҟазауаҩ COVID-19 аҟынтә алаҵа хра шамоу иҳәеит
Нанҳәа 6 рзы Аԥсныҟа иааргеит 5 нызқь лаҵа "Спутник Лайт", алаҵаҟаҵра иалагеит амза 10 инаркны. Уажәтәи алаҵа ааихәеит, аагарагьы ахә ахишәааит Москватәи аԥсуа диаспора ахада Беслан Агрба.
Уаанӡа "Спутник V" актәи ахәҭа 4000 лаҵа 6,9 миллион мааҭ ҳәа иаахәан 2021 шықәса мшаԥымзазы. Даҽа 2500 лаҵа агәыҳалалратә цхыраара ҳәа Урыстәыла Аԥсныҟа иаанашьҭит.
Лаҵарамза алагамҭазы акоронавирустә чымазара ҿкы COVID-19 аҟынтәи аԥшьбатәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник Лайт" ашәҟәы иҭаргалеит. Иара ауаҩытәыҩса 85% ихьчара алшоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: