Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы Аԥсны абжьыҭарақәа хыркәшоуп

Иҟоу адыррақәа рыла 16:00 сааҭ рзы, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы Аԥсны иахьаҵанакуа 7876-ҩык рыбжьы арҭахьан.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 19 - Sputnik. Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа ралхраз иаартыз алхырҭатә ҭыԥқәа адыркит асааҭ 20:00 амҽыша цәыббра 19 рзы.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ишаанацҳауа ала, 16:00 сааҭ рзы Аԥсны иахьаҵанакуа 7876-ҩык рыбжьы арҭахьан.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ибжьы аиҭеит Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ аҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ аҿы.
Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә Думахь абжьыҭара мҩаԥигеит
"Иахьа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа мҩаԥысуеит. Ари Урыстәылатәи аҳәынҭқарразы акрызҵазкуа политикатә хҭысуп. Сара Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаҩык иҳасаб ала исуалны исыԥхьаӡеит абжьыҭара ааира. Ари атәылауаҩ иуалԥшьоуп", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Гәдоуҭатәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны зегь раԥхьа абжьыҭара днеит Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб. Иара уа ибжьы аиҭеит зыԥсшьарамшқәа Ҟәланырхәа ақыҭан изхызго Гал араион ахада Константин Ԥлиа. 
Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь  ибжьы аиҭеит Гагратәи акультура ахан аҟны иҟаз алхырҭатә ҭыԥ аҟны.
Аԥсны мандатктәи алхырҭатә округ иадҳәалоу аҭыԥқәа аартын Аҟәа, Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал.
Алхырҭатә ҭыԥқәа зегь рыҟны аҿкчымазара аҽацәыхьчаразы аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәон.
Абжьыҭара рхы аладырхәыр рылшон Аԥсны инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу Урыстәыла атәылауаа, иара убасгьы абжьыҭара амш азы ара аамҭала иҟоу.
Иара убас шәаԥхьар шәылшоит: