Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Филиз Фаҳреҭҭин-иԥҳа Хагәышьԥҳа диит Германиа, Киольн ақалақь аҟны. Лаби лан Муқаддер Ҷыҷылԥҳаи ҩыџьа аԥҳацәа рааӡеит. 25 шықәса Германиа ишынхозгьы аԥсуара дмырӡӡеит, уимоу рхәыҷқәа рыманы аԥсуа диаспора ахьеизоз лассы-лассы ицалон, рыуаажәлар ирыладырԥшуан, аҵасқәеи, ақьабзқәеи рыларааӡон.
"Саҳәшьа Емели сареи ҳҭаацәара рҳәатәы ҳахыԥомызт. Дара ирҭахын атәым ҳәынҭқарраҿы ҳшынхозгьы ҳаԥсуара ҳцәымӡырц.
Аԥсуаа даара ибзианы ҳаибабон. Ҳҩызцәа анемеццәа иџьаршьалон аиҳабацәа раԥхьа ҳабжьы ҭыганы ҳахьымцәажәоз, аӡәы данааилак ҳанихаҵгылоз. Ҳҭаацәа Ҭырқәтәылантәи уахь нхара ишиасыз атәы здыруаз, "шәлеишәа шьаҭас иамоу аԥсылман дин акәу аҭырқәа ҵасқәа ракәу" ҳәа иҳазҵаалон. Усҟан Емели сареи ҳара Кавказ ҳшатәыз, ҳшаԥсыуааз, амҳаџьырра иахырҟьаны Ҭырқәтәылаҟа ҳажәлар реиҳараҩык шықәнагалаз атәы рзеиҭаҳҳәон. Амала ҳхатәы бызшәа ҳаздыруамызт убри даара игәнаҳгон", - еиҭалҳәоит Филиз.
Филиз Хагәышьԥҳа лҭаацәеи лареи
© Foto / предоставила Саида Жиба
Аиҳәшьцәа Хагәышьԥҳацәа ран Муқаддер Ҷыҷылԥҳа лассы-лассы аԥсуа чыс рзыҟалҵалон, даргьы рнапаҟны ибзианы иааиуан. Абысҭа, аҟәыдчаԥа, акәтысызбал (арашы акәтыжь аҵаҵаны), ачаҳаржә уҳәа аныҟарҵлоз ашкол ирыцҭаз рҩызцәагьы аарыԥхьон. Афатә хаақәа бзиа избаз анемец ҿаргьы "аԥсшьарамшқәа раан ҳшәызнеиуеит, иаҳзыҟашәҵома" ҳәа иҵаалон.
Филиз абжьаратә школ даналга, лҭаацәа Ҭырқәтәылаҟа нхара ииасит. Араҟа, Сақариатәи ауниверситет, афилологиатә факультет, анемец бызшәеи алитературеи рыҟәша далгеит, иахьа афилологиатә-аиҭагарамҩаԥгаратә аҭҵарадыррақәа дырдокторуп. Ауниверситет аҟны анаукатә литература афакультет адекани, аиҭагарамҩаԥагара акафедра аиҳаби дырхаҭыԥуаҩуп. Редакторс дрымоуп аҭҵаарадырратә усумҭақәа жәпакы. Астудентцәа идлырҵоит аиҭагара атехникеи, аметодикеи, атеориеи. Филиз аус ахьылуо ауниверситет иалгахьеит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа ҿар аӡәырҩы.
Филиз Хагәышьԥҳа астудентцәа рыӷәҭа
© Foto / предоставила Саида Жиба
Филиз Хагәышьԥҳа дшыхәыҷыз Аԥсны аӡбахә лаҳауан, аха лаб ишьҭра аҟынтә аӡәгьы рџьынџьдгьыл ахь изымааит, иаԥшьазгозгьы изаамҭанымкәа рыԥсҭазаара иалҵит.
"Аԥсныҟа инеихьеит саншьцәа Ҷыҷылаа, аха рыжәлантәқәа рымбеит. Уи иагьџьашьатәым, иахьа Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рахьтә иҟоуп зыжәла хаҭа ззымдыркәа абду ихьӡ ныҟәызго аҭаацәарақәа. Ҷыҷылаагьы урҭ иреиуоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Избан ас изыҟалаз ҳәа иҵаауа шәзы сгәаанагара абас иҟоуп, ахҵәацәа рыԥсадгьыл иахганы ианыргоз, урҭ асабицәагьы рылан. Иҟалалон дара рҭаацәа зымцакәа, ргәылацәа ма рдырцәа ирыцҵаны атәым дгьыл аҟны рыԥсы еиқәхап ҳәа ианыршьҭоз. Иахьықәнагалоз "ари Ҷыҷыл-иԥа мамзар имаҭа иоуп" рҳәозтгьы ус жәланы ирхылон", - ҳәа лазгәаҭарақәа дрылацәажәоит ҳџьынџьуаҩ.
Филиз Хагәышьԥҳа
© Foto / предоставила Саида Жиба
Филиз Хагәышьԥҳа лабду иаб иоуп амҳаџьырра иахнагаз, лара илаҳахьеит лабшьҭра Аԥсны, Калдахәара ақыҭа ишатәыз. Агәаҳәара дуӡӡагьы лымоуп лыԥсадгьыл даҭаарц, лыблала илбарц уи аԥшӡара, дагәылаларц аҭоурых.
Рыцҳарас иҟалаз, Филиз аԥсшәа лыздырӡом, маҷк еилылкаауеит ауп.
"Сара атәым бызшәала сцәажәоит, даҽа тәым бызшәак ахәыҷқәа идсырҵоит, избан абас лахьынҵас изсоуз. Раԥхьа иргыланы аԥсшәа здырыр акәымзи", - даашуеит лара.
Филиз лгәы иҭоуп Аԥсныҟа даанӡа лашьцәеи лареи еилибакаартә еиԥш лхатәы бызшәа лҵарц. Иахьа уи хықәкыс иҟаҵаны гәацԥыҳәарала аԥсшәа зҿлымҳара алҭоит.