Аԥсны амилициа алхырҭатә ҭыԥқәа ахылаԥшра рырҭоит

Аԥсны иахьаҵанакуа асааҭ 08:00 рзы алхырҭатә ҭыԥқәа жәба аадыртит. Иадыркуеит асааҭ 20:00 азы
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 19 - Sputnik. Цәыббра 18 раахыс Аԥсны ААР амилициа алхырҭатә ҭыԥқәа ахылаԥшра рырҭоит, ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә Думахь абжьыҭара мҩаԥигеит
Мандатктәи алхырҭатә округқәа ирыдҳәалоу алхырҭатә ҭыԥқәа аартуп: Аҟәа, Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал.
Амилициа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рыҽны азинеиҿкаара ахылаԥшра рнапы иануп, ҳәа иҳәеит Аԥсны ААР аминистр Дмитри Дбар.
Аԥсны ААР ауаажәларратә шәарҭадара аҟәша аусзуҩцәеи Аԥсны ААР арҵаратә Центр акинологиатә маҵзура аусзуҩцәеи алхырҭатә ҭыԥқәеи ирыԥну аҵакырақәеи гәарҭеит атехникатә хархәагақәеи амаҵзуратә лақәеи рыцхыраарала.
Аминистр инапынҵала ирӷәӷәоуп амҩа-транспорттә шәарҭадара.
Азинхьчаратә усбарҭақәа рус иаҵанакуа азҵаарақәа рзы Аԥсны ААР апресс-центр ахь адырра ҟарҵар рылшоит (admin@mvdra.org.)
Аԥсны иахьаҵанакуа асааҭ 08:00 рзы алхырҭатә ҭыԥқәа жәба аадыртит. Иадыркуеит асааҭ 20:00 азы.
Абжьыҭара рхы аладырхәыр рылшоит Аԥсны инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу Урыстәыла атәылауаа, иара убасгьы абжьыҭара амш азы ара аамҭала иҟоу. Абжьыҭаразы иумазароуп аҩнуҵҟатәи ма аҳәаанырцәтәи урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы.