Гәдоуҭа араион ахада Аҳәынҭқарратә Думахь абжьыҭара мҩаԥигеит

Аҳәынҭқарратә Думахь абжьыҭаразы Гәдоуҭа араион аҟны иаартуп алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 19 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион ахада Баграт Боџьгәуеи ихаҭыԥуаҩ  Валери Аҩӡбеи  Аҳәынҭқарратә Думахь абжьыҭара мҩаԥыргеит цәыббра 19 азы ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Араион ахадацәа рыбжьы арҭеит Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №2 аҿы.
Баграт Боџьгәуа ишазгәеиҭаз ала арахь агәалаҟазаара иманы дааит, Аԥсни Урыстәылеи еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы еиҳагьы аинырра роуп ҳәа агәрагара иманы.
"Сара аиҳарак асоциалтә зҵаарақәа рҿы аиҭакрақәа сырзыԥшуп: ахәыҷбаҳчақәа, ашколқәа, ақалақьтә инфраструктура, уҳәа рҟны Аинвистициатә программа аусурала Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара аизҳара", -  ҳәа иҳәеит иара.
Боџьгәуа иара убасгьы иҳәеит алхыҩцәа активла абжьыҭара рхы шаладырхәуа.
Гәдоуҭа араион аҿы иаартуп алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба: Гәдоуҭатәи аҩбатәи абжьаратә школ аҿи Бамборатәи ашкол аҿи.
Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ  Валери Аҩӡба
Аԥсны иахьаҵанакуа асааҭ 08:00 рзы алхырҭатә ҭыԥқәа жәба аадыртит. Иадыркуеит асааҭ  20:00 азы.
Абжьыҭара рхы аладырхәыр рылшоит Аԥсны инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу Урыстәыла атәылауаа, иара убасгьы абжьыҭара амш азы ара аамҭала иҟоу. Абжьыҭаразы иумазароуп аҩнуҵҟатәи ма аҳәаанырцәтәи урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы.
Аԥсны инхо уаанӡа  Урыстәыла атәылауаа рзы абжьыҭаратә ҭыԥқәа еиҿыркаахьан 2011, 2016 шықәсқәа рызтәи алхрақәа раан. 2016 шықәсазы абжьыҭара рхы аладырхәит 20 000-ҩык ауааԥсыра, урҭ рҟынтәи 75% апартиа "Иаку Урыстәыла" азы рыбжьы рырҭеит.