АҞӘА, цәыббра 19 - Sputnik, Бадри Есиава. Раԥхьатәи алхыҩцәа Гагреи Гәдоуҭеи Аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа рзы рыбжьы рырҭеит, абри атәы Sputnik акорреспондент изаарыцҳаит алхырҭатә ҭыԥқәа рхантәаҩцәа амҽыша цәыббра 19 рзы.
"Алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы ишахәҭаз еиԥш ианаамҭаз ашьыжь асааҭ ааба рзы рышәқәа аартын. Сара иахьынӡаздыруа, Аԥсны иахьаҵанакуа еиԥҟьараҳәа акагьы ыҟаӡам. Раԥхьатәи алхаҩцәа иааины рыбжьы арҭахьеит. Иҵекгьы ааиуеит, еиԥҟьарада гхада зегь ишахәҭоу еиԥш имҩаԥысуеит. Уажәазы 150 - ҩык рааҟара агәаран иқәгылоуп," - иҳәеит Бамборатәи абжьаратә школ аҟны иҟоу алхратә комиссиа ахантәаҩы Олег Попов.
Иара убас ауаа ргәацԥаҳәаны инеиуеит Гагратәи алхратә ҭыԥ ашҟагьы. Алхратә комиссиа ахантәаҩы Сергеи Ткаченко иажәақәа рыла, абжьыҭара ианалага раԥхьаҭәи жәохә минуҭ рыла жәохә-ҩык рыбжьы арҭахьан.
"Адәахьгьы агәаран рацәаӡам, избанзар асанитартә ԥҟарақәа ҳрықәнаҟәаны ауаа рацәа еидаҳкылаӡом, аҩнуҵҟагьы имаҷны иҩнаҳажьлоит. Иааиуа зегьы асабрадақәа рҿазароуп", - иҳәеит иара.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы Аԥсны иахьаҵанакуа абжьыҭаратә ҭыԥқәа жәба рыҟны амҽыша цәыббра 19 ашьыжь асааҭ 8:00 рзы ашәқәа аадыртит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: