Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа: Аԥсны рыбжьы шарҭоз

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа ралхразы абжьыҭара мҩаԥысуеит амҽыша цәыббра 19 рзы.
Sputnik
Аԥсны мандатктәи алхырҭатә округ иадҳәалоу аҭыԥқәа аартын Аҟәа, Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал.
Алхрақәа мҩаԥысит: Аҳәынҭқарратә думахь абжьыҭарақәа шымҩаԥысыз
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ибжьы аиҭеит Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ аҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ аҿы. Гәдоуҭатәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны зегь раԥхьа абжьыҭара днеит Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб.
Абжьыҭара рхы аладырхәыр рылшоит Аԥсны инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу Урыстәыла атәылауаа, иара убасгьы абжьыҭара амш азы ара аамҭала иҟоу. Абжьыҭаразы иумазароуп аҩнуҵҟатәи ма аҳәаанырцәтәи урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы.
Аԥсны инхо уаанӡа Урыстәыла атәылауаа рзы абжьыҭаратә ҭыԥқәа еиҿыркаахьан 2011, 2016 шықәсқәа рызтәи алхрақәа раан. 2016 шықәсазы абжьыҭара рхы аладырхәит 20 000-ҩык ауааԥсыра, урҭ рҟынтәи 75% апартиа "Иаку Урыстәыла" азы рыбжьы рырҭеит. 2018 шықәсазы ареспубликаҿ имҩаԥысит Урыстәыла ахада иалхразы абжьыҭарақәа. Владимир Путин рыбжьы ирҭеит 94,1% ма 39 427-ҩык.
Аҳәынҭқарратә Дума захьӡу аиҿкаара раԥхьаӡа акәны ицәырҵит 1905 шықәсазы. 1917 шықәсазы февральтәи ареволиуциа ашьҭахь иаԥыхын. Иахьазы Апарламент ҵаҟатәи апалата ҳәа ишьоуп. Афедерациа ахеилаки иареи иреиҳаӡоу закәанԥҵаратә органны иҟоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
1 / 14
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы Аԥсны иахьаҵанакуа абжьыҭаратә ҭыԥқәа жәба рыҟны амҽыша цәыббра 19 ашьыжь асааҭ 8:00 рзы ашәқәа аадыртит
2 / 14
Алхырҭатә ҭыԥқәа рахь зыграждантә уалԥшьа анагӡараз инеиуаз ауаа рацәан, агәаран иқәгылан.
3 / 14
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа ихы рылаирхәырц азы Аҟәатәи абжьаратә школ №5 аҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ ахь днеиит.
4 / 14
Алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны ачымазараҿкы аҽацәыхьчаразы асанитартә ԥҟарақәа ирықәныҟәон.
5 / 14
Абжьыҭара рхы аладырхәыр рылшоит Аԥсны инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу Урыстәыла атәылауаа, иара убасгьы абжьыҭара амш азы ара аамҭала иҟоу.
6 / 14
Аԥсны мандатктәи алхырҭатә округ иадҳәалоу аҭыԥқәа аартын Аҟәа, Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал.
7 / 14
Абжьыҭаразы иумазароуп аҩнуҵҟатәи ма аҳәаанырцәтәи урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы.
8 / 14
Сынтәа Афедералтә сиақәа ирнуп 14 партиа: КПРФ, "Зеленые", ЛДПР, "Новые люди", "Единая Россия", "Справедливая Россия - За Правду", "Яблоко", "Партия Роста, Российская партия свободы и справедливости", "Коммунисты России", "Гражданская платформа", "Зеленая альтернатива", "Родина", "Партия пенсионеров".
9 / 14
Аԥсны инхо уаанӡа Урыстәыла атәылауаа рзы абжьыҭаратә ҭыԥқәа еиҿыркаахьан 2011, 2016 шықәсқәа рызтәи алхрақәа раан.
10 / 14
Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа руалԥшьа нарыгӡеит
11 / 14
Аҳәынҭқарратә Дума захьӡу аиҿкаара раԥхьаӡа акәны ицәырҵит 1905 шықәсазы.
12 / 14
Абжьыҭара инеиуаз аиҳабыратә абиԥара аӡәырҩы рмоҭацәа рыцны инеиуан.
13 / 14
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ибжьы аиҭеит Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ аҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ аҿы.
14 / 14
Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа ралхраз иаартыз алхырҭатә ҭыԥқәа адыркит асааҭ 20:00 амҽыша цәыббра 19 рзы