Аԥсны  аԥыза-министр Аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа рзы ибжьы аиҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВ Абхазии началось голосование на выборах в Госдуму России
В Абхазии началось голосование на выборах в Госдуму России - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхырҭатә ҭыԥқәа жәба рышәқәа аадыртит ашьыжь асааҭ ааба рзы.
АҞӘА, цәыббра 19 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Урыстәыла аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа рзы ибжьы аиҭеит Гәдоуҭатәи аҩбатәи абжьаратә школ аҟны еиҿкаау алхратә ҭыԥ аҟны. Абри атәы иҳәеит алхратә комиссиа ахантәаҩы Александр Куренков.
"Ҳара алхратә ҭыԥ аҟны ашәқәа ааҳартит ишаԥу еиԥш аашьыжь асааҭ ааба рзы. Зегь раԥхьа абжьыҭара дааит Александр Анқәаб. Ибжьы аиҭеит, аманшәалара ҳзеиӷьеишьеит", - иҳәеит Куренков.
Куренков иазгәеиҭеит асааҭ жәаба реиԥш Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ ашҟа ишааихьаз 100-ҩык инарзынаԥшуа.
В Абхазии началось голосование на выборах в Госдуму России - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2021
Раԥхьатәи алхыҩцәа Гагреи Гәдоуҭеи Аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа рзы рыбжьы рырҭеит
Абжьыҭарақәа мҩаԥысуеит азакәанԥҵара инақәыршәаны, макьаназы еилагараҳәа акагьы азгәаҭаӡам, иҳәеит Александр Куренков. Алхратә ҭыԥқәа рыҟны ахылаԥшра арҭуеит азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа. Алхратә комиссиа ацхыраара рырҭоит аҭыԥантәи амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа.
Аԥсны иахьаҵанакуа абжьыҭаратә ҭыԥқәа  жәба аартуп асааҭ 8:00 - 20:00 рҟынӡа.
Алхырҭатә ҭыԥқәа зегь рыҟны аҿкчымазара аҽацәыхьчаразы аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәоит.
 Мандатктәи алхырҭатә округ иадҳәалоу аҭыԥқәа аартуп Аҟәа, Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал.
Абжьыҭара рхы аладырхәыр рылшоит Аԥсны инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу Урыстәыла атәылауаа, иара убасгьы абжьыҭара амш азы ара аамҭала иҟоу. Абжьыҭаразы иумазароуп аҩнуҵҟатәи ма аҳәаанырцәтәи урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы.
Ажәабжьқәа зегьы
0