АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Аԥсны Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рыҽрыладырхәит жәаха нызқьҩык ауааԥсыра ҳәа Sputnik адырра арҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы.
"Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рыҽрыладырхәит жәаха нызқьҩык" ҳәа иҳәеит адипмиссиа ахаҭарнак.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рымҩаԥгаразы Аԥсны иаартын алхырҭатә ҭыԥқәа жәба: Аҟәа (ҩба), Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал.
Алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы агәаранқәа азгәаҭан, аиҳаракгьы Аҟәа.
Урыстәыла Ауаажәларратә палата аҟынтәи анаԥшҩы илҳәеит абжьыҭара апроцедура шьахәны ишеиҿкааз.
Урыстәыла абжьыҭарақәа мҩаԥысуан цәыббра 17-19 рзы.