Аԥсны акоронавирус зланы зыԥсҭазаара иалҵхьоу 405-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 485-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 109-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 20 – Sputnik. Ҩымш рыла ачымазараҿкы ззышьақәырӷәӷәаз ԥшьҩык ачымазцәа рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
 Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 65 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы хҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит: 1946 шықәса рзы ииз ахаҵеи, иара убас 1961 шықәсеи, 1955 шықәсеи рзы ииз ҩыџьа аҳәсеи.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 44-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп ааҩык, ибжьаратәуп - 27-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 30-ҩык, урҭ рахьтә жәаҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 14-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 12-ҩык, урҭ рахьтә аӡәы иҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 11-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 65-ҩык апациентцәа, жәаҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 26828-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 22034-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 405-ҩык.