Гәдоуҭеи Гагреи алхрақәа рышьҭахь арзҩыдарақәа мҩаԥгахоит

Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы ҩба-ҩба алхырҭатә ҭыԥ аартын амҽыша цәыббра 19 рзы.
Sputnik
ГӘДОУҬА, цәыббра 20 - Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭеи Гагреи алхрақәа рышьҭахь арзҩыдарақәа мҩаԥгахоит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит араионқәа рхадацәа.
Гәдоуҭа араион ахада Баграт Боџьгәуа иажәақәа рыла Гәдоуҭатәи абжьартә школ №2, Бамборатә ашколи рҿы арзҩыдаразы иаҭахны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы нагӡахоит.
Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц иҳәеит Гагреи Пицундеи рҟны алхрақәа ахьымҩаԥысуаз мышк аԥхьагьы арзҩыдара шымҩаԥгаз.
"Алхырҭатә ҭыԥқәа аадыртаанӡагьы уа акинологцәа аус руан. Аҭыԥ аҿы иҟоу Аԥсны АҶА аусзуҩцәа алхрақәа рышьҭахь аҽазныкгьы арзҩыдара ҟарҵоит", - ҳәа иҳәеит Барцыц.