Заанаҵтәи адыррақәа рыла: алхрақәа рышьҭахь Аҳәынҭқарратә Думахь апартиақәа хәба неиуеит

Цәыббра 19 азы Аԥсны иаартын алхырҭатә ҭыԥқәа жәба. Рыбжьы арҭеит аанызқьҩык инареиҳаны Аԥсны инхо ауааԥсыреи асасцәеи.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 20 -Sputnik. Урыстәыла АКХ 70 процент аԥкаанҵақәа аус рыднауылахьеит, апартиа "Иаку Урыстәыла" 48,46 процент абжьы аиуны аԥыжәара амоуп ҳәа аанацҳауиет РИА Новости.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа: Аԥсны рыбжьы шарҭоз
Аҩбатәи аҭыԥ ннакылоит КПРФ – 20,30%, ахԥатәии аԥшьбатәии аҭыԥқәа рҿы игылоуп ЛДПР-и "Ииашоу Урыстәыла - аиашаразы", рыҩбагьы быжьба-быжьба процент рыманы, ахәбатәи аҭыԥ ннакылеит апартиа "Ауаа ҿыцқәа" - 5,5%.
Аҳәынҭқарратә Думахь анеиразы иахәҭоуп хә-процентктәи аелекторалтә ԥынгыла ахысра.
Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа мҩаԥысуан цәыббра 17-19 рыҩныҵҟа. Урыстәылаа иалырхуан Апарламент ҵаҟатәи апалата алахәылацәа.
Цәыббра 19 азы Аԥсны иаартын алхырҭатә ҭыԥқәа жәба. Рыбжьы арҭеит аанызқьҩык инареиҳаны Аԥсны инхо ауааԥсыреи асасцәеи.