Заанаҵтәи адыррақәа рыла: алхрақәа рышьҭахь Аҳәынҭқарратә Думахь апартиақәа хәба неиуеит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодсчет голосов на выборах в единый день голосования
Подсчет голосов на выборах в единый день голосования - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2021
Анапаҵаҩра
Цәыббра 19 азы Аԥсны иаартын алхырҭатә ҭыԥқәа жәба. Рыбжьы арҭеит аанызқьҩык инареиҳаны Аԥсны инхо ауааԥсыреи асасцәеи.
АҞӘА, цәыббра 20 -Sputnik. Урыстәыла АКХ 70 процент аԥкаанҵақәа аус рыднауылахьеит, апартиа "Иаку Урыстәыла" 48,46 процент абжьы аиуны аԥыжәара амоуп ҳәа аанацҳауиет РИА Новости.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы Аԥсны иахьаҵанакуа абжьыҭаратә ҭыԥқәа жәба рыҟны амҽыша цәыббра 19 ашьыжь асааҭ 8:00 рзы ашәқәа аадыртит - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2021
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа: Аԥсны рыбжьы шарҭоз
Аҩбатәи аҭыԥ ннакылоит КПРФ – 20,30%, ахԥатәии аԥшьбатәии аҭыԥқәа рҿы игылоуп ЛДПР-и "Ииашоу Урыстәыла - аиашаразы", рыҩбагьы быжьба-быжьба процент рыманы, ахәбатәи аҭыԥ ннакылеит апартиа "Ауаа ҿыцқәа" - 5,5%.
Аҳәынҭқарратә Думахь анеиразы иахәҭоуп хә-процентктәи аелекторалтә ԥынгыла ахысра.
Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа мҩаԥысуан цәыббра 17-19 рыҩныҵҟа. Урыстәылаа иалырхуан Апарламент ҵаҟатәи апалата алахәылацәа.
Цәыббра 19 азы Аԥсны иаартын алхырҭатә ҭыԥқәа жәба. Рыбжьы арҭеит аанызқьҩык инареиҳаны Аԥсны инхо ауааԥсыреи асасцәеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0