Бжьаниа Аԥсны афымцамч аусхк ауадаҩрақәа рыӡбаразы иаҭаху иҳәеит

Цәыббра 21 рзы имҩаԥысуа апресс-конференциаҿы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла афымцамч аҭагылазаашьа иазкыз азҵаара аҭак ҟаиҵеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла афыамцамч иапроблема хаданы иҟоу аахархәара зыҭаз афымцалашара ахә ахымшәаара ауп иҳәеит.
Бжьаниа адҵа ҟаиҵеит аинвесторцәа рзы афымцамч аганахьала аиқәшаҳаҭрақәа еиқәдыршәарц
Аҵыхәтәантәи 24 шықәса рыҩнуҵҟа ахархәаҩцәа миллиардки 800 миллион мааҭ ауал рзеизеит, киловаттк азы 40 копеи ахә аан ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Бжьаниа иажәақәа рыла, афымцамч аусхкаҟны ауадаҩрақәа рацәоуп, урҭ рыхәҭак шықәсыла рыӡбара аҭахуп. Раԥхьа иргыланы, атәылаҿы ишьақәыргылатәуп економикала ишьаҭарку, ҳаамҭа аҭахрақәа ирықәшәо атариф. Ахархәаҩцәа зегьы ирзықәыргылазароуп афымцамчԥхьаӡагақәа, уи аганахьала аусура мҩаԥыслоит иҳәеит ахада.
Уи адагьы, афымцамч апроблемақәа рыӡбаразы аԥара рацәаны иалагалатәуп. Иаҳҳәозар, Гал араион аҿы иҟоу аӡхыҽҽатә станциақәа реиҭашьақәыргыларазы иаҭахуп 10 миллион мааҭ. Уажәазы Урыстәылеи Аԥсни еилацәажәахьеит, актәи аетап аан ахархәаразы иаарышьҭхьеит хә-миллион мааҭк рҟынӡа аԥара. 
Аинвестициақәа рыӡбахә ҳәо, Бжьаниа иазгәеиҭеит аинвесторцәа рхатәтәрахьы акгьы шмиасуа. Аԥсны афымцамч ҳҳәынҭқарра иахатәтәны ишыҟазаауа.