Ашықәс иалагазар Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа жә-миллионҩык инареиҳаны иахысхьеит

Аԥхынтәи аамҭазы аҳәаа иахысуа атранспорти ауааԥсыреи ԥшьынтә рыла еиҳауп аушьҭырҭатә ҭыԥ алшарақәа раасҭа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Ашықәс иалагазар аурыс-аԥсуа ҳәааҿы аҳазалхратә хылаԥшра аҭыԥ ала уахыки-ҽнаки рыҩнуҵаҟа аҳәаа иахысхьеит 1,9 миллион транспорт хархәагеи 9 миллионҩык ауааԥсыреи ҳәа, аанацҳауеит Краснодартәи аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-- амаҵзура.
Есҽынтәи апассаџьыртә трафик 49 нызқьҩык ауааԥсыреи 9,5 нызқь транспорт хархәагеи шьақәнартәоит.
Убри аан аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа апаспорт-гәаҭаратә уснагӡатә иақәдырӡуеит х-минуҭк рҟынӡа аамҭа.
Аҳәаахьчаҩ агәыҩбара изцәырҵыр адокумент аиашареи аиашамреи рзы азин имоуп азҵаарацҵақәа рымҩаԥгара.
Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аусура иалагеит 2012 шықәсазы, уахи-ҽни аус руеит 24 цәаҳәа, хара имгакәа аиҭеиҿкаара азыԥхьагәаҭоуп.