Бедиа ақыҭан ахатәыҩны блит

Ахатәыҩны амца акит ҳәа Аԥсны АҶА аҷаԥшьаратә ҟәшахьы аҭел иасит цәыббра 22 асааҭ 03:39 азы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 22- Sputnik. Еихагылакны иҟаз ахатәыҩны амца акит Тҟәарчал араион Бедиа ақыҭан цәыббра 22 ауха ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Ахатәыҩны амца акит ҳәа Аԥсны АҶА аҷаԥшьаратә ҟәшахьы аҭел иасит цәыббра 22 асааҭ 03:39 азы.
Амцарцәаразы аҭыԥ ахь инашьҭын амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба. Аҩны шеибакәыз иблит, ԥсыҭбара ҟамлеит.