АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка, акультура аусхк аҟны Урыстәыла Аҳәынҭқарратә аԥхьахә алауреат, Станиславскии Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә музыкатә театр асолистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа аоператә ԥхьахә "Онегин" ахадас дҟалеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны акультура аминистрра.
"Акраамҭа исыдыргалон ари аҭакԥхықәра зцу аус. Агәаӷьрагь уадаҩын избанзар аамҭа, алшарақәа аҭахуп. Исҭахуп ҿыцрақәак алазгаларц. Абри аганахьгьы аус зулоит. Аԥхьахә жәларбжьаратәи аимадарақәа рыӷәӷәатәуп, ахәаԥшҩцәа қәыԥшцәа адыԥхьалатәуп", - лҳәеит лара.
Аԥхьахә шьаҭаркын 2016 шықәсазы, есышықәса Санкт-Петербург иранаршьоит. Аныҳәатә церемониа мҩаԥгахоит Михаиловтәи атеатр асценаҿы.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа – Урыстәылеи Аԥсни Жәлар рартистка, иланашьоуп аԥхьахәқәа "Триумф", "Casta Diva" аноминациа "Иреиӷьӡоу аоператә шәаҳәаҩы" аҟны, амилаҭтә театртә ԥхьахә "Ахьтәы сабрада" аноминациа "Иреиӷьӡоу аԥҳәыс лроль" аҟны, атеатртә ԥхьахә "Ахьы Орфеи" аноминациа "Иреиӷьӡоу ашәаҳәаҩ" аҟны.
Рашәара 12 азы Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә премиа лнапы иаиркит аоператә шәаҳәаҩы, Урыстәылеи Аԥсни Жәлар рартистка, Станиславскии Немировичи-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә музыкатә театр асолистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа аурыси адунеитәи оператә ҟазара арҿиараҿы иҟалҵаз алагалазы.