АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Афонтәи аӡҭачаҿы иԥсыбаҩ рбеит 1985 шықәса рзы ииз Мурманск ақалақь аҿы инхоз Дмитри Ковалев, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Афон Ҿыц, аԥҟақәа зҭоу аӡҭачаҿы зхаҭара шьақәыргылам ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит ҳәа аинформациа АҶА ахь иҟалеит цәыббра 23 асааҭ 8:30 азы. Аусбарҭаҿ ишырҳәаз ала иара цәыббра 15 аахыс иԥшаара иаҿын.
Заанаҵтәи агәаанагарала ахаҵа ижәны даныҟаз аӡы далаҳаит.