АҞӘА, цәыббра 23 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 507-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 116-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 44-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп фҩык, ибжьаратәуп - 20-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 28-ҩык, урҭ рахьтә ааҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит жәҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 12-ҩык, урҭ рахьтә хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 12-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 67-ҩык апациентцәа, жәаҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>