Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа адекларантцәа рзы адырра ҟазымҵаз рыӡбахә ҳәоуп

"Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан амчра аиуит ԥхынгәы 1 азы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 23- Sputnik. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа адекларантцәа рзы адырра ҟазымҵаз ҳәа рыӡбахә ҳәоуп 351 ҳәынҭеиҿкаара. Абри атәы иҳәеит аилацәажәараҿы Аԥсны ашәахтәқәеи аныхрақәеи рзы аминистр Џьансыхә Нанаба. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Ашәахтәқәа рминистррахь адекларациа ианаамҭаз назышьҭыз аҳәынҭмаҵзурауаа рхыԥхьаӡара ҳәоуп
Аԥсны ашәахтәқәеи аныхрақәеи рзы аминистрра апрограмма ҷыдаҿ адекларациақәа хадырҭәаахьеит 1438 декларант.
Нанба иажәаәқа рыла ԥхынгәы 30 иашьҭанеиуаз арыцхә азы анормақәа инарықәыршәаны апрограмма аркын. Ус шакәызгьы аусбарҭа аиҿкаарақәа рҟынтәи адекларациақәа аднакылон.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб ихаҭыԥуаа рнапы ианиҵеит дара рнапаҵаҟа иҟоу аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи рнапхгаҩцәа рԥылара мҩаԥганы аилыркааратә усура ҟарҵарц, адекларациақәа аминистррахь инашьҭызарц.