Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №2 COVID-19 азы иадыркит

Акоронавирустә инфекциа рыдбалоуп гәдоуҭатәи аҩбатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа быжьҩыки аҵаҩцәа 19-ҩыки.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 23– Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №2 COVID-19 азы иадыркит ашәахьанӡа ҳәа еиҭалҳәеит ашкол адиректор Лиудмила Ристова.
"Араионтә оперативтә штаб аӡбрала аҩаша инаркны ашкол акарантин ишьҭуп. Иааиуа ашәахьа инаркны иаадыртуеит. Акоронавирустә инфекциа рыдбалоуп  ашкол арҵаҩцәа быжьҩыки аҵаҩцәа 19-ҩыки", - лҳәеит лара.
Ристова илҳәеит арҵаҩцәа руаӡәк ахәшәтәырҭа дҭоуп ҳәа.
Цәыббра 19 азы ашкол ахыбраҿы имҩаԥысуан Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа. Алхрақәа рышьҭахь ахыбра арзҩыдара иахыжьын, лҳәеит адиректор.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: