Арадио

Шьалашьа абылтәы аквотақәа реизырҳаразы: мааҭк акәзаргьы ахәгьы рзыларҟәыр, бзиахон

Иабанӡаныԥшуа ҳекономика абылтәы азы аквота ҿыцқәа рышьақәыргылара, абылтәы-кризис алҵраҟны иабанӡацхыраагӡахо, абри азы игәаанагара иҳәеит аекономикеи азини ринститут адиректор Заур Шьалашьаа.
Sputnik
Москва Аԥкаанҵа анапы аҵаҩуп Урыстәылантәи Аԥсныҟа баџьда иаларгало анефҭаалыҵқәа рхышәаҵышәа азырҳаразы. Аԥкаанҵа инақәыршәаны Урыстәыла аенергетика аминистрреи Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистрреи 2021 шықәсазтәи аквота ҿыцқәа шьақәдыргылеит.
Аԥсны баџьда Урыстәылантәи абылтәы аагара иалацәажәеит
"Ишызбо ала аҳәынҭқарра уи ала иаӡбеит ҳәа сыԥхьаӡоит атәылаҿы абылтәы аганахьала иҟаз ауадаҩрақәа. Аха уи шыҟалоз ҳәақәгәыӷуамызт ҳәа ирҳәо уи ааҟара садгылаӡом, избанзар, абри зегьы шыҟалоз ҳара азԥхьагәаҭара ҳасабала заа иҟаҳҵар акәын ҳәа сгәы иаанагоит.
Уи ашьҭахь ҽа зҵаарак цәырҵуеит. Убраантә ахә иацымло ианыҟала, ара ишԥаҟало ахә абылтәы азы ишьақәгылан иҟоу. Аха уажәы ишьақәгылан иҟоу, ишагымхо ҳәа сгәы иаангоит, убри аан уаҳа иацымло ҳәа ауп агәыӷра шсымоу. Аквотақәа реиҳатәра ажәлар ирыхәоит, иага уҳәаргьы абылтәы ыҟамкәа иахьа анеи-ааира уи шыцәгьоу еилаҳкаауеит зегьы.
Аквотақәа еиҳатәны ахәқәагьы еиҭарыхәаԥшыр, мааҭк иадымхаргьы, 53 рҟнытә 52 мааҭ ахь ирзааргар, уи ажәлар ибзиан ахә ршьоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Шьалашьаа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.