https://sputnik-abkhazia.info/20210923/Shalasha-abylty-akvotaa-reizyrarazy-maak-akzargy-akhgy-rzylaryr-ibziakhon-1033260638.html
Шьалашьа абылтәы аквотақәа реизырҳаразы: мааҭк акәзаргьы ахәгьы рзыларҟәыр, бзиахон
Шьалашьа абылтәы аквотақәа реизырҳаразы: мааҭк акәзаргьы ахәгьы рзыларҟәыр, бзиахон
Sputnik Аҧсны
Иабанӡаныԥшуа ҳекономика абылтәы азы аквота ҿыцқәа рышьақәыргылара, абылтәы-кризис алҵраҟны иабанӡацхыраагӡахо, абри азы игәаанагара иҳәеит аекономикеи азини... 23.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-23T10:42+0300
2021-09-23T10:42+0300
2021-09-23T10:46+0300
аԥсны
арадио
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102223/67/1022236707_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_7d59febc17c87dab1e103566c0733173.jpg
Шьалашьа абылтәы азы аквотақәа реизырҳаразы: мааҭк акәзаргьы ахәгьы рзыларҟәыр, ибзиахон
Sputnik Аҧсны
Шьалашьа абылтәы азы аквотақәа реизырҳаразы: мааҭк акәзаргьы ахәгьы рзыларҟәыр, ибзиахон
Москва Аԥкаанҵа анапы аҵаҩуп Урыстәылантәи Аԥсныҟа баџьда иаларгало анефҭаалыҵқәа рхышәаҵышәа азырҳаразы. Аԥкаанҵа инақәыршәаны Урыстәыла аенергетика аминистрреи Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистрреи 2021 шықәсазтәи аквота ҿыцқәа шьақәдыргылеит."Ишызбо ала аҳәынҭқарра уи ала иаӡбеит ҳәа сыԥхьаӡоит атәылаҿы абылтәы аганахьала иҟаз ауадаҩрақәа. Аха уи шыҟалоз ҳәақәгәыӷуамызт ҳәа ирҳәо уи ааҟара садгылаӡом, избанзар, абри зегьы шыҟалоз ҳара азԥхьагәаҭара ҳасабала заа иҟаҳҵар акәын ҳәа сгәы иаанагоит.Уи ашьҭахь ҽа зҵаарак цәырҵуеит. Убраантә ахә иацымло ианыҟала, ара ишԥаҟало ахә абылтәы азы ишьақәгылан иҟоу. Аха уажәы ишьақәгылан иҟоу, ишагымхо ҳәа сгәы иаангоит, убри аан уаҳа иацымло ҳәа ауп агәыӷра шсымоу. Аквотақәа реиҳатәра ажәлар ирыхәоит, иага уҳәаргьы абылтәы ыҟамкәа иахьа анеи-ааира уи шыцәгьоу еилаҳкаауеит зегьы.Аквотақәа еиҳатәны ахәқәагьы еиҭарыхәаԥшыр, мааҭк иадымхаргьы, 53 рҟнытә 52 мааҭ ахь ирзааргар, уи ажәлар ибзиан ахә ршьоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Шьалашьаа.Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
https://sputnik-abkhazia.info/20210922/Asny-bada-Urystylanti-abylty-aagara-ialatsazheit-1033256885.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102223/67/1022236707_98:0:1235:853_1920x0_80_0_0_20a1a02943279ca6b1abdc7358999a10.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны
Шьалашьа абылтәы аквотақәа реизырҳаразы: мааҭк акәзаргьы ахәгьы рзыларҟәыр, бзиахон
10:42 23.09.2021 (ирҿыцуп: 10:46 23.09.2021) Иабанӡаныԥшуа ҳекономика абылтәы азы аквота ҿыцқәа рышьақәыргылара, абылтәы-кризис алҵраҟны иабанӡацхыраагӡахо, абри азы игәаанагара иҳәеит аекономикеи азини ринститут адиректор Заур Шьалашьаа.
Москва Аԥкаанҵа анапы аҵаҩуп Урыстәылантәи Аԥсныҟа баџьда иаларгало анефҭаалыҵқәа рхышәаҵышәа азырҳаразы. Аԥкаанҵа инақәыршәаны Урыстәыла аенергетика аминистрреи Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистрреи 2021 шықәсазтәи аквота ҿыцқәа шьақәдыргылеит.
"Ишызбо ала аҳәынҭқарра уи ала иаӡбеит ҳәа сыԥхьаӡоит атәылаҿы абылтәы аганахьала иҟаз ауадаҩрақәа. Аха уи шыҟалоз ҳәақәгәыӷуамызт ҳәа ирҳәо уи ааҟара садгылаӡом, избанзар, абри зегьы шыҟалоз ҳара азԥхьагәаҭара ҳасабала заа иҟаҳҵар акәын ҳәа сгәы иаанагоит.
Уи ашьҭахь ҽа зҵаарак цәырҵуеит. Убраантә ахә иацымло ианыҟала, ара ишԥаҟало ахә абылтәы азы ишьақәгылан иҟоу. Аха уажәы ишьақәгылан иҟоу, ишагымхо ҳәа сгәы иаангоит, убри аан уаҳа иацымло ҳәа ауп агәыӷра шсымоу. Аквотақәа реиҳатәра ажәлар ирыхәоит, иага уҳәаргьы абылтәы ыҟамкәа иахьа анеи-ааира уи шыцәгьоу еилаҳкаауеит зегьы.
Аквотақәа еиҳатәны ахәқәагьы еиҭарыхәаԥшыр, мааҭк иадымхаргьы, 53 рҟнытә 52 мааҭ ахь ирзааргар, уи ажәлар ибзиан ахә ршьоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Шьалашьаа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.