Зыхьӡ змырзаз амеценат Габриель Пацуриа изы 126 миллион мааҭ ишәеит

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо Габриел Пацуриа изы 160 миллион мааҭ аизгара рыланаҳәеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 23– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо Габриель Пацуриа изы аԥареизгара аркуп ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит афонди АИХқәеи реинырразы аменеџьер Мариа Шьакаиаԥҳа.
Ахәыҷы аамз анихыҵуаз агенетикатә чмазара идырбалеит – абӷа-жьышә лыԥсаара. Есыҽны ичымазара аҽарӷәӷәоит – ишьапқәа кәадахоит, иԥсыԥ лагаҩагареи албаадареи уадаҩхеит.
Габриель Пацуриа ихәшәтәразы аԥареизгара иаҿуп
Ахәыҷы еиқәырхараз иаҭахуп 160 миллион мааҭ иаԥсоу агәыр "Золгенсма". "Золгенсма" Гиннес ирекордқәа рышәҟәы иануп адунеи аҿы реиҳа зыхә дуу ахәшә ҳәа.
Иара ҩышықәса ихыҵаанӡа изыҟаҵатәуп, икапан 13 кьыла еиҳахаанӡа. Габриель шықәсыки бжаки ихыҵхьеит, 11 кьыла дыҟоуп. Убри азы ацхыраара хымԥадатәиуп.
"Аинтернет аҟынтәи еилаҳкааит Габриел Пацуриа изы аԥара шеизырго. Иан алаҳәара ҟалҵон. Аамҭақәак рыҩнуҵҟала  афонд "Ашана" анапхгара ирыӡбеит аԥареизгара рыларҳәарц ", - лҳәеит Шьакаиаԥҳа.
Ԥхынгәы 27 инаркны нанҳәа 18 рҟынӡа Аԥсны еизыргеит миллионки 728 нызқьмааҭ. Ахәыҷы иҭаацәа ахьынхо Урыстәылагьы аԥареизгара мҩаԥысуан, уа еизыргеит  32 миллион мааҭ.
"Дҟалеит аԥара аиҳарак зшәаз амеценат, аха иара ихьӡ арзара иҭахым", - лҳәеит  Мариа Шьакаиаԥҳа.
Аҭыԥантәи аҳақьымцәа ишырҳәо ала ари аҩыза ачымазара змоу Аԥсны даҽа хәыҷыкгьы дыҟоуп, уи уажәы аҳәаанырцә ихәшәтәра иаҿуп.