Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҟны 700-ҩык Аԥсны ауааԥсыра рыдыркылахьеит

Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҩынтә раан Аԥсныҟа иааит нанҳәа 18 рзы аҿкчымазара зыхьуа рыхәшәтәраҿ ацхыраара аҟаҵараз.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 24 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь нанҳәа 18 раахыс 700-ҩык инреиҳаны COVID-19 змоу ауааԥсыра аднакылахьеит, ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Иахьатәи аамҭазы астационар аҟны 66-ҩык аҽыхәшәтәра иахысуеит, урҭ иахәҭоу амедицинатә цхыраара рырҭоит. Агоспиталь аҟынтәи илырҩаахьеит 146-ҩык зҽызхәшәтәыз ауааԥсыра. Илырҩааз анаҩстәи абжьгарақәа рырҭоит.
Ареспублика араионқәа рҟынтәи агоспиталь ахь иааиуа ауааԥсыра рыдыркылоит уахи-ҽни, ашьҭаҵареи ахәшәтәреи рзы аӡбамҭа рыдыркылоит рынхарҭа ҭыԥ иаҵанакуа аҳақьым иақәшаҳаҭрала.
Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №2 COVID-19 азы иадыркит
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҟны имҩаԥыргоит ареспублика ақалақьтә лабораториақәа рҟынтәи инарго анализқәа ПЦР-диагностика. Анаҩс аҭакқәа иахьынтәаашьҭу идырхынҳәуеит. Алобараториа иалшоит аамҭак ала 24 биологиатә материал адкылара.
Агоспиталь аҿы аус руеит шәҩык ауаа. Абригадақәа еихшаны иҷаԥшьоит.
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа 11, ачымазҩцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа, ПЦР-лабораториақәа.
Урыстәыла хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь  нанҳәа 18 азы  Аԥсныҟа еиҭааит ачымазара ҿкы аԥырҟәҟәараҿы ацхыраара аҟаҵаразы.
Амобилтә госпиталь акоронавирустә инфекциа ҿыц зыхьуа рыхәшәтәразы астационартә медицинатә хәшәтәырҭоуп. Зынӡа 100 иара-ҭыԥ амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар даҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоит.
Арратә госпиталь ҵәыҵәрила еиқәдыршәоит Гәдоуҭа иҟоу Аладатәи арратә округ арратә база аҟынтә. Бжьаратәла уахыки-ҽнаки рыла инырхуеит 100 баллонк.