АҞӘА, цәыббра 24 - Sputnik. Гагра имҩаԥысуеит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху XX Жәларбжьаратәи аԥкьаҭасразы атурнир "Аԥсуа хылԥа ду", ҳәа аарыцҳауеит ауснагӡатә аиҿкааҩцәа.
Атурнир аатуеит цәыббра 25 рзы, ҩымш имҩаԥысуеит.
2001 шықәса раахыс имҩаԥысуа аԥқьаҭасразы атурнир 2004 шықәсазы имҩаԥгамызт Беслан иҟалаз арыцҳаразы.
Атурнир амҩаԥгара аԥшьган аԥкьаҭ абзиабаҩцәа рҭахрала. Еиҿкааз аклуб "Ахылԥа ду" напхгара аиҭоит Константин Затулин.
2011 шықәса раахыс атурнир Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ихьӡ ахуп. 2019 шықәсазы имҩаԥысыит атурнир аԥсуа-ақырҭуа еимакы аҳәааҿы Урыстәыла абжьаҟазаратә мчқәа 25-шықәса ахыҵра иазкны.
Атурнир еиҿыркааит: аԥкьаҭасразы Урыстәыла Афедерациа анапхгара алахәыла, Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулини ИАР атәылақәа ринститути, Шәача аҩызцәа рыклуби, аԥкьаҭасразы Аклуб "Ахылԥа дуи", Гагарин ихьӡ зху аԥырҩцәа-акосмонавтцәа аԥкьаҭасразы рыклуби, аԥқьаҭасразы аклуб "Рубежи". Адгылара арҭеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, урыстәылатәи аҳәынҭеилакы "Ростех", ОАО "Рособоронэкспорт", Урыстәылатәи Афедерациа ахеилак алахәыла Арсен Каноков, авиоеилахәыра "Азимут".