Аԥсны ашьхара иахьаԥну ақәабаа-сабаа леит

Ҵыԥх ҭагалан Ауадҳара раԥхьатәи асы леит уажәаасҭа акыр ихьшәаны, абҵара 2 рзы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ашьхара иахьаԥну ақәабаа-сабаа алеира иалагеит цәыббра 25 ауха, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа. 
Иара иажәақәа рыла, асы аҿыгҳара макьана идуум, избанзар ақәеи иареи еиланы илеиуеит. Багаҭелиа иазгәеиҭеит иҟалаз ахьҭа апансионат "Ауадҳара" аҭааҩцәа шамыршәо. 
"Иахьа гәыԥҩык аԥсшьаҩцәа ҩналеит, урҭ гәырӷьаҵәа иҟоуп асы ахьауа азы", - иҳәеит иара.
Аҳауагәаҭаҩцәа излаарыцҳауа ала, асабшеи амҽышеи руха Аԥсны ашьхараҿы асы ауеит. Гәбаадәы асабша аҳауа -1 градус ианыҟаз асы ауит, уи аҿыгҳара 12 сантиметра иҟоуп.