Арадио

Ажьи қәыԥш Апба инапы злаку аус азы: сгәалаҟазаара шьҭнахуеит

Арҭ амшқәа рзы ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа Жәларбжьаратәи рфестиваль "Аихамца" мҩаԥысуеит аетнопарк "Аԥсны" аҟны. Уи иалахәу 14 шықәса зхыҵуа Шамиль Апба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ажьира иара изы ҵакыс иамоу атәы.
Sputnik
"Ажьира аус раԥхьаӡа телехәаԥшрала избеит, нас снапы аласкыр сҭаххеит. Саб иҩызцәа Аҷандара аус руеит, ижьицәоуп, уахь сигеит саб. Дара исдырбеит ажьира, уи даараӡа исгәаԥхеит… 13 шықәса схыҵуан снапы аналаскуаз. Иҟасҵо аҳәызбақәа сҩызцәа ҳамҭас ирысҭоит, акгьы сымҭиицт. Убриала аԥара арҳара сҭахым, сгәалаҟазаара арбзиоит, исгәаԥхоит сызҿу аус", - иҳәеит Апба.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа аудиофаил аҟны.
Афестиваль иазку авидео шәахәаԥш абра>>
Афестиваль аҟынтәи афотосахьақәа шәрыхәаԥш абра>>