Ажьира, амца, аиха: Мгәыӡырхәа амаден рҭәаны абџьар шыҟарҵо

Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан аетнопарк "Аԥсны" аҿы цәыббра 24 рзы иаадыртит ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа раԥхьатәи рфестиваль "Аихамца". Уи иалахәуп Аԥсни Урыстәылеи рҟазацәа. Афестиваль мҩаԥыслоит хымш.
Ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа рфестиваль Аԥсны раԥхьаӡа акәны еиҿыркааит. Уи цәыббра 24-26 рзы имҩаԥыслоит аетнопарк "Аԥсны" аҿы. Уи рхы аладырхәырц иааит аҭыԥантәиқәа рыдагьы, Иакутиа, Брест, Белгород, Маиҟәаԥ ақалақьқәа рҟынтәи аҟазацәагьы.
Хымш ирылагӡаны ажьицәа аиха дырҭәалоит, дамасктәии амоизака иаҩызоуи аџыр ҟарҵалоит, аԥсуа ҳәызбақәа, аҿыбџьар, ахҿақәа. Урҭ зегьы реиҳарак излырхуа Бырзышьха иҵхны илбааргаз 300 килограмм иҟоу аихамаден ауп.
Амаден аихамаҭәа алырхырц азы идыргылеит аихаӡырҭақәа ҩба, 1200 градус рҟынӡа ашоура ҭарҵоит.
Аҟазацәа рус арманшәаларазы ишьақәдыргылеит афрынақәа жәаба рҟынӡа, урҭ рахьтә ҩба уаанӡа ҳабацәа ишыҟарҵалоз еиԥш ахәы зқәу ацәала аҳауа ҭадыршәшәоит. Егьырҭ рҿы амца агаз ала ма афымцала аҳауа ҭадыршәшәоит.
Афестиваль аҟны зегь реиҳа азҿлымҳара зырҭаз аԥсуа ҳәызба акәхеит. Аҟазауаа шьоукы ргәы иҭоуп арҭ хымш рыҩнуҵҟа ҩба-ҩба, иара инеиҳангьы абџьарҿқәеи, иара убас итрадициатәу аԥсуа хҿақәеи рыҟаҵара.
Афестиваль аҟынтәи афотосахьақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра>>
Ажәабжьқәа зегьы
0