Гагра амшын иагаз аԥсшьаҩы иԥсыбаҩ рыԥшааит

Амашәыр ҟалеит ҳәа Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистррахь адырра ҟалҵеит аԥсшьаҩы иԥшәмаԥҳәыс, амҽыша, цәыббра 26 асааҭ 11:38 рзы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 26- Sputnik. Гагра амшын аҿы иԥсыбаҩ рбеит 48 шықәса зхыҵуаз Тула ақалақь аҿы инхоз Александр Куницын. Абри атәы аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.
Амашәыр ҟалеит ҳәа Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистррахь адырра ҟалҵеит аԥсшьаҩы иԥшәмаԥҳәыс.
Аиқәырхаҩцәа амшын иҭыргаз аԥсыбаҩ Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа аԥсышьҭаҵарҭахь инаргеит.
Цәыббра 23 рзы Афонтәи аӡҭачаҿы иԥсыбаҩ рбеит 1985 шықәса рзы ииз Мурманск ақалақь аҿы инхоз Дмитри Ковалев. АҶА аусбарҭаҿ ишырҳәаз ала иара цәыббра 15 аахыс иԥшаара иаҿын.