Аԥсны ахада Ахьӡ-аԥша апарк аҿы игылоу Амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит

Цәыббра 27 1993 шықәсазы аԥсуа ар Аҟәа агәахьы инеит, асааҭ 15:30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ "Аминистрцәа реилазаара" ахыбра иахадыргылеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ахақәиҭтәра Амш аҽны Аҟәа Ахьӡ-аԥша апарк аҿы игылоу Амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Бжьаниа Аԥсны иқәынхо ажәлар Аҟәа ахақәиҭтәра амш рыдиныҳәалеит
Ацеремониа иалахәын Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аԥсны Жәлар реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, атәыла аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, ауаажәларра.
Цәыббра 27 1993 шықәсазы аԥсуа ар Аҟәа агәахьы инеит, асааҭ 15:30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ "Аминистрцәа реилазаара" ахыбра иахадыргылеит.
Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылараан еилаԥыххаан 12 нызқьҩык рҟынӡа еидызкылоз аӷа аҩбатәи ирратә корпус, акәылӡтәтехникеи артиллериеи авиациеи рыла еибыҭаз.