Очамчыра араион ахәҭак лашарада иаанхоит аҩаша цәыббра 28 рзы

Астанциа маҷқәа "Очамчыра-2", "Мықә", "Кәачара" дырцәоит аҩаша цәыббра 28 рзы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik. Очамчыра араион ахәҭак лашарада иаанхоит асааҭ 10:00 инаркны 16:00 рҟынӡа цәыббра 28 рзы. Абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Ари аамҭазы ирцәахоит астанциа маҷқәа "Очамчыра-2", "Мықә", "Кәачара".
Астанҵиа маҷқәа рырцәара иахҟьаны лашарада иаанхоит:
Аенергетикцәа ражәақәа рыла, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргоит.