Аԥсны иаатит самбо азы жәларбжьаратәи атурнир

Самбо азы ажәаатәи жәларбжьаратәи атурнир Аԥсны ахраҿа аибашьцәа- аинтернационалистцәа ргәалашәара иазку мҩаԥысуеит Аҟәа цәыббра 27-30 рзы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. 180 спортсмен рхы аладырхәраны иҟоуп Самбо азы ажәаатәи жәларбжьаратәи атурнир Аԥсны ахраҿа аибашьцәа- аинтернационалистцәа ргәалашәара иазку ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспублика дзиудои самбои рзы Афедерациа ахада Андреи Погосов.
Иара иажәақәа рыла атурнир алахәхаразы Аԥсныҟа иаауеит Краснодар, Курганинск, Ростовтәи аобласт, Челиабинск, Иакутиа, Камчатка, Ҟарачы-Черкессктәи ареспублика, ЛЖәР рҟынтәи акомандақәа.
Аԥхьахәгаразы еиндаҭлиот 2004-2006, 2007-2008, 2009-2010 шықәсқәа рзы ииз арԥарацәеи 2006-2008 шықәсқәа рзы ииз аҭыԥҳацәеи.
"Традициала ҳтурнир аҳәаанырцә ааигәатәи атәылақәа ирылаҵәаны иҟоуп. Иара иалахәыз жәпаҩык Европа ачемпионатқәа ирылахәхахьеит", - ҳәа иҳәеит Погосов.
Афедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ инаҵшьны иазгәеиҭеит атурнир аламҭалаз алахәылацәа ПЦР-тестқәа шыҟарҵо.