Аҵара аминистрра ашколқәа адыркуеит ҳәа ирҳәо ахҳәаа анаҭеит

Аԥсны ашколқәа цәыббра 28 инаркны жьҭаара 16 аҟынӡа иаркхоит акоронавирус иахҟьаны ҳәа аинформациа цәырҵит асоциалтә ҳақәа рҿы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра иагәҭакым ашколқәа раркра, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аминистрреи ауаажәларреи реинырразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
Аҵара аминистрра Аԥсны ашколқәа рҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иалацәажәеит
"Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Аԥсны ашколқәа цәыббра 28 инаркны жьҭаара 16 аҟынӡа иаркхоит акоронавирус иахҟьаны ҳәа аинформациа цәырҵит асоциалтә ҳақәа рҿы. Аха иара инҭкааны уахәаԥшыр иубоит арҭ адыррақәа 2020 шықәса ишаҵанакуа. Аминистрра есыҽны иаиуеит Аԥсны ашколқәа рҟынтәи адыррақәа ичмазаҩхаз рзы. Уажәазы аҵараиурҭақәа раркра аӡбахә иалацәажәаӡом", - ҳәа иҳәеит иара.
Қәҭелиа иҳәеит Аԥсны зынӡа 4000-ҩык арҵаҩцәа шыҟоу, урҭ рҟынтәи 55-ҩык шычмазаҩу, 500-ҩык алаҵа шыҟарҵахьоу. 2800-ҩык аҵаҩцәа рҟынтәи 200-ҩык чмазцәоуп.
Аҵарашықәс цәыббра 1 азы иалагеит.
Цәыббра 25 азы Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 27 нызқьи 353-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 22 нызқьи 404-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 413-ҩык.