АҞӘА, цәыббра 28 - Sputnik. Аԥсны Абанк Аиааира амш аламҭалазы аӡбра аднакылеит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аҟны иҭахаз рҭаацәеи актәи агәыԥ аинвалидцәеи адгылара рыҭаразы 100- миллион мааҭ альготатә кредит рыҭара иазнархиарц. Абри атәы аанацҳауеит Абанк асаит.
Апрограмма аусура иалагоит Аҵәахырҭатә банк аҿы 2021 шықәса жьҭаара 4 азы.
Альготатә кредит аҭара ахых шықәсык азы 6% ыҟоуп. Иреиҳаӡоу аҭара жәа-тәанчахәытә зыԥҵәа инаӡоит.
Акредит аиуразы иаҭахуп:
Акредит зго 70 шықәса деиҳамзароуп, хәдықәҵаҩыс иҟоу - 75 шықәса.