АҞӘА, цәыббра 27- Sputnik. Урыстәылаа аиҳарак Аԥсны аԥсшьаразы иалырхуан аԥхынраз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ВЦИОМ ажәахәынҵа шьаҭас иганы.
Ареспублика атуристцәа рхыԥхьаӡарала ираԥнагеит Ҭырқәтәыла, Кипр, Ҟазахстан, Белоруссиа, Ермантәыла.
Убри аан Аԥсны ҩышықәсоуп ари асиаҿ аԥхьагылара амоижьҭеи. 2020 шықәсазы иреиӷьу ахәба ирылан: Аԥсны, Ҭырқәтәыла, Латвиа, Литва, Естониа.
ВЦИОМ азҵаараҭҵаара иаанарԥшит аҵыхәтәантәи ахәышықәсақәа рзы 79% урыстәыла аҳәаанырцәҟа ԥсшьара ишымцаз. 10% ирҳәеит ҩба-хԥа шықәса рахь знык аҳәаанырцәҟа ишцо, 8% – шықәсык ахь знык, 3% – ашықәс азы изныкымкәа.
"ВЦИОМ-Спутник" азҵаараҭҵаара мҩаԥнагеит 2021 шықәса цәыббра 16, 18, 19 рзы. Иалахәын 1600 респондент.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: