АҞӘА, цәыббра 28 - Sputnik. Официалла Аԥсны аҽыкәабаратә сезон аркуп цәыббра 28 анахыс ҳәа аанацҳауеит АҶА.
Аусбарҭа аусурақәа хнаркәшоит. Ус шакәугьы аҽыкәабара азин ыҟоуп, амшынӡы +22 градус иахьыԥхарроу азы.
Аиқәырхаҩцәа Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи рахь ааԥхьара ҟарҵоит аӡаҿы ашәарҭадара аԥҟаррақәа ирықәныҟәаларц.
Аҽыкәабаратә сезон аартын рашәара 5 азы.
Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы аинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа иажәақәа рыла сынтәа 17 ԥсыҭбара ҟалеит. Ф-ҩык аҭыԥантәи ауааԥсыра роуп иҭахаз, жәеизаҩык туристцәан.