АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара Аибашьра иалахәыз арепатриантцәа Аиааира амш аламҭалаз анхарҭа ҭыԥқәа рыҭоуп.
"Иҟоуп аусдҵа аҳәынҭқарратә нхарҭатә фонд ахатәтәрахьы рыҭараан аԥарашәаразы альготақәа азыԥхьагәазҭо аусԥҟа. Иара иаҵанакуеит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз арепатриантцәа. Ажәадгала ҟаҵоуп аныҳәа инадҳәаланы анхарҭаҭыԥқәа хәыда-ԥсада ирыҭазарц", - иҳәеит арепатриациа афонд аиҳабы Енвер Чамагәуа.
Иара иҳәеит ишыҟоу арепатриантцәа анхарҭаҭыԥ ззаамхәо.
Асиаҿы иарбоуп 30 жәла. Аханатә урҭ рҟынтәи 34-ҩык ыҟан, аха ԥшь-ҭагылазаашьак рганахь ала иҷыдоу аӡбрақәа ҟалоит ҳәа иҳәеит Чамагәуа.
Ирыдыркылаз аӡбра инақәыршәаны арҭ атәылауаа аԥарашәара рхыхуп, аусдҵа анагӡашьа хылаԥшра азнауеит арепатриациаз Аҳәынҭеилакы.