Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа "Аиааиразы" амедальқәа ранаршьеит

Цәыббра 30 рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы игаз аиааира 28 шықәса ахыҵра азгәарҭоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рфонд аветеранцәа "Аиааиразы" амедальқәа ранаршьеит.
Награждение ветеранов ОВНА
"Ҳгәы ҳахьуеит ҳҩызцәа ахьҳалагылам, еснагь иаҳгәалашәоит. Ҳгәырӷьуеит абас акыр шықәса Аиааира амш азгәаҭара ахьҳалшо, ҳхьаақәа зегьы ҳханаршҭуеит. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи аԥсуа жәлари Аиааира амш рыдысныҳәалоит", - иҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рфонд аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа.
"Аиааиразы" амедаль анашьаразы аусԥҟақәа инапы рыҵаҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Ашәуа агәабзиареи ачҳареи рзеиӷьашьо ахәылԥаз иалахәыз аветеренацәа зегьы рнапаҿы ириҭеит амедальқәа.
413 мши ҵхи ицоз Аџьынџьтәылатә еибашьра хыркәшан цәыббра 30 1993 шықәса рзы Аԥсны аиааирала.