Аԥсны аминистрцәа реилазаара атәанчахәытә шәарацҵақәа рымҩаԥгаразы ақәҵара аднакылеит

Иахьазы Аԥсны атәанчахәытә фонд атәанчахәы рзыршәоит 39 категориа атәылауаа. Ашәарацҵа иаҵанакуеит быжь-категориак атәанчаҩцәа, урыстәылатәи атәанчахәы змауа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара урыстәылатәи атәанчахәы змауа, ареспублика атәылауаа ркатегориақәак рзы атәанчахәытә шәарацҵақәа рымҩаԥгаразы ақәҵара аднакылеит.
2021 шықәса жьҭаарамза инаркны ашәарацҵақәа мҩаԥгахалоит.
2021 шықәса жьҭаара-ԥхынҷкәын ирылагӡаны ашәарацҵа иартәоит 13 миллиони 109 нызқь мааҭ ҳәа иҳәеит Аԥсны Атәанчахәытә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.
Ашәарацҵа абарҭ акатегориақәа ирыҭахоит:
Иахьазы Аԥсны атәанчахәытә фонд атәанчахәы рзыршәоит 39 категориа атәылауаа. Ашәарацҵа иаҵанакуеит быжь-категориак атәанчаҩцәа, урыстәылатәи атәанчахәы змауа.