Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысуаз ахыцуаа ртурнир аихшьаалақәа ҟаҵоуп

Аклуб "Афырхы" алахәылацәа ахыци ахәымпали рыла рхысразы аиндаҭлара мҩаԥысуеит аетнопарк "Аԥсны" аҿы Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа аҳаҭыр азы.
Sputnik
ГӘДОУҬА, цәыббра 29- Sputnik, Бадри Есиава. Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа аҳаҭыр азы имҩаԥгаз ахыцуаа ртурнир хыркәшахеит цәыббра 29 рзы.
Аетнопарк "Аԥсны" аҵакыраҿы иҟоу ахысырҭаҿы имҩаԥысуаз аиндаҭлара иалахәын ахыцуаа рыклуб "Афырхы" алахәылацәа 20-ҩык рҟынӡа, иара убас абзиабаҩцәа.
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысуаз ахыцуаа ртурнир аихшьаалақәа ҟаҵоуп
Ахацәа еиндаҭлон ԥшь-дисциплинак рыла: 15 метра инаркны 75 метранӡа ахысра, "аԥсуа цәҟьара" ақәшәара, ахара ахысреи, "аԥсуа цәҟьара" 30 метра инахараны ақәшәареи.
Аҳәса-лахәылацәа рзы иҷыдоу адисциплина алагалан – ацәҟьаҟынтә 30 метра бжьаны ахысра.
Аицлабра аихшьаалақәа рыла актәи аҭыԥ ианашьахеит "Афырхы" анапхгаҩы" Адгәыр Какоба, аҩбатәи Елена Лабахәуа, ахԥатәи аҭыԥ никылеит 17 шықәса зхыҵуа Данил Қәышба.
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысуаз ахыцуаа ртурнир аихшьаалақәа ҟаҵоуп
75 метр аҟынтәи ацәҟьара ақәыршәаразы далкаахеит Вахтанг Ӷәынџьиа.
Аиндаҭлара иалахәыз аӡӷабцәа рыбжьара "ахьы" ланашьахеит Илона Кәыҵниаԥҳа, "араӡны" Амра Аџьынџьал, "аџьаз" - Елена Лабахәуа.
Баҭал Џьапуа
Ахысраҿы актәи аҭыԥ игеит Баҭал Џьапуа, итрадициатәу ахыци ахәымпали иара заҵәык иакәын изкыз. Арекорд шьақәиргылеит-210 метра. Аҩбатәи ахԥатәи аҭыԥ игеит Валери Берзениа.